Искандер имҩаҿы аӡымҩангага ԥжәеит

Аҟәа, Искандер имҩаҿы хәышықәса раԥхьа АУН "Аӡыканал" иаԥсаххьаз аӡымҩангага ԥжәеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Искандер имҩаҿы аӡымҩангага ԥжәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь акоммуналтә нхамҩа адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.

"Искандер имҩаҿы 500 миллиметра зыҭбаара ыҟаз апластикатә труба шьҭаҵан хәышықәса раԥхьа. Уажәы аиԥшьырҭаҿы иԥжәеит. Аиҭашьақәыргылара ҳалагоит", - иҳәеит Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла уажәы ари аҭыԥаҿы аӡы ҭганы аиԥҟьара шьақәдыргылоит. Аҟәа, Искандер имҩаҿы хәышықәса раԥхьа АУН "Аӡыканал" иаԥсаххьан ари аӡымҩангага.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: