Арсҭаа Ауадҳара 2020-шықәсазтәи аԥсшьараамҭазы: зегь рыла ҳманшәалахеит
© Sputnik
"Сынтәа рыԥсы ршьеит 1837-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьынтә Аԥсны атәылауаа 1711-ҩык, 126-ҩык Урыстәылантә иааз роуп. Ҳсезон даара ибзиан. Нхашәи-чашәи акгьы ҳагхан иҟамлаӡеит. Акыӡаҵәык, ҳахьӡаӡомызт ицози ҿыц иаауази реилыргара, аамҭа маҷны иҳаман, ауадақәа азырхиатәын. Арахь, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рҽырыԥсахуан. Асезон ҳаналагоз даара ҳлакҩакуан азы иасуаз зегьы ашәҟәы ианаҳҵон, ҽнак зҭахыз роума, ҩымш зҭахыз роума, ибжьамыжькәа зегь ҳадаҳкылон, убри аҟнытә аилыхара ыҟан, аха азәгьы ҽыԥныҳәак ҳаимҭеит. Ҵыԥх иаагозар аӡәы иԥсшьарамшы хәымшҟа инаӡозҭгьы, сынтәа уи аамҭа кьаҿхеит", - еиҭеиҳәеит Арсҭаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: