"Иӡааҟәрылаз" автомашьына, ашҭақәа рҿы аӡы: аӡымҩангага аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа

Абҵара 9 рзы Искандер имҩаҿы иԥжәаз аӡымҩангага амш зегьы аиҭашьақәыргылара иаҿын.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡы ашҭақәа ирҭалеит, иҟоуп аҩнқәа рподвалқәа иахьрыҵалазгьы ҳәа еиҭеиҳәоит ара инхо Руслан Инаԥшьба.

"Иӡааҟәрылаз" автомашьына, ашҭақәа рҿы аӡы: аӡымҩангага аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа

"Аӡымҩангага аныԥжәа ашьҭахь аӡы хыҵит. Аӡы цәгьала иаӷьын. Сара сподвал аҿы архьшәашәагақәа ыҵагылан. Урҭ  уажәы ирцәоуп, ибар аус руазар аабап", - иҳәеит иара.

Аӡы 30 сантиметра раҟара ишьҭыҵит. Машәыр дук амузаргьы арыцқьатәқәа рацәаны иннажьит ҳәа иҳәоит Инаԥшьба.

онна Ҭарԥҳа лыҩны актәи аихагылагьы аӡы ҩналеит, аха уа ишәарҭаз ҳәа техника лзыҩнагыламызт. Аӡы шцаз лыҷкәыни лареи еицхырааны зегь ықәрыӡәӡәааит.

Аҳҭнықалақь акоммуналтә нхара адепартамент  адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба Sputnik иазеиҭеиҳәеит авариа мзызс иамоу шеилкаахо аӡы зегьы анҭырталак ашьҭахь.

"Иӡааҟәрылаз" автомашьына, ашҭақәа рҿы аӡы: аӡымҩангага аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа

"Аӡы зегьы ҭаҳтаанӡа иҟоу ҳбарҭам. Иҟалап аиԥшьырҭа амалыр амазар, ма атруба ҳаракцәаны иҟаны иқәсуаз амашьынақәа иԥырҽзар", - иҳәоит Аҩӡба.

Анқәаб Аҟәа аӡымҩангага аԥжәаразы: аҟаҵашьа ииашамзар ҟаларын

Абҵара 9 рзы  Искандер имҩаҿы иԥжәаз аӡымҩангага амш зегьы аиҭашьақәыргылара иаҿын.

Иҟалоит иаашаанӡа аусурақәа мҩаԥгатәхаргьы ҳәа иҳәеит "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб.

Аӡымҩангага ахьыԥжәаз игылаз автомашьына зтәу ақалақь ахадарахь азыҳәа аҟаҵара игәҭакуп акомпенсациа аиуразы ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Иара убасгьы аԥхасҭа зауз ауааԥсырагьы ирыгәҭакуп азыҳәақәа рыҟаҵара.

Искандер имҩаҿы аӡымҩангага ԥсахын хәышықәса раԥхьа. Аҟәа ақалақь ахадара абри аҭыԥ аҿы аусурақәа рымҩаԥгараан аҭакԥхықәра здыз шьақәнаргылараны иҟоуп.