Россотрудничество аҿы иӡааҟәрылоз деиқәзырхаз амедал иҭоуп

Урыстәыла асоциал-культуратә ԥшьгамҭақәа р-Фонд жәларбжьаратә ҳәынҭқарратә ԥшьгамҭа апроект "Горячее сердце", афырхаҵара аазырԥшыз ауаа агәазыҟаҵара рзура мҩаԥнагоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Агәлаҵатә дыргеи Урыстәыла асоциал-культуратә ԥшьгамҭақәа р-Фонд адипломи ианашьоуп Очамчыра ауаҩԥсы Давид Гогәуа иӡааҟәрылоз иеиқәырхаразы.

Аҳамҭаҭара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа, Россотрудничество ахыбраҿы.

Россотрудничество аҿы иӡааҟәрылоз деиқәзырхаз амедал иҭоуп

"Урыстәыла асоциал-культуратә ԥшьгамҭақәа р-Фонд жәларбжьаратә ҳәынҭқарратә ԥшьгамҭа апроект "Горячее сердце", афырхаҵара аазырԥшыз ауаа агәазыҟаҵара рзура мҩаԥнагоит. Ҳара агәахәара ҳнаҭоит Гогәуа Давид Вахтанг-иԥа, Очамчыра иӡааҟәрылоз иеиқәырхаразы иалкаара", - иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Агәлаҵатә дыргеи Урыстәыла асоциал-культуратә ԥшьгамҭақәа р-Фонд адипломи ианашьоуп Очамчыра ауаҩԥсы Давид Гогәуа иӡааҟәрылоз иеиқәырхаразы.

Чеха иара убасгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иқәдыргылаз акандидатуразы.

"Ҭабуп ҳәа расҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иқәдыргылаз Давид Вахтанг-иԥа икандидатуразы. Россотрудничество ахаҭарнакра гәахәара дула ианаҳшьоит аҳамҭа", - иҳәеит Вадим Чеха.

Давид Гогәуа Урыстәыла асоциал-культуратә ԥшьгамҭақәа р-Фонд ахь ихы нарханы ҭабуп ҳәа иҳәеит иҟарҵаз агәазыҟаҵаразы.

"Урыстәыла асоциал-культуратә ԥшьгамҭақәа р-Фонд ҭабуп ҳәа асҳәоит исанашьоу амедал азы, аха сара уи аамҭазы ауаҩы иеиқәырхара акәын сзызхәыцуаз. Дарбанызаалак уаҩԥсык иҟаиҵашаз ҟасҵеит", - иҳәеит Давид.

Урыстәыла асоциал-культуратә ԥшьгамҭақәа р-Фонд жәларбжьаратә ҳәынҭқарратә ԥшьгамҭа апроект "Горячее сердце", афырхаҵара аазырԥшыз ауаа агәазыҟаҵара рзура мҩаԥнагоит.