Аԥҳәыс аҭаҭын -аалыҵ маӡала аҳәаа ахыгара лҽазылшәон

"Акоридор иаҵәа" ҳәа изышьҭоу ала имҩанысуаз аԥҳәыс лсахьа аҳазалхыҩцәа гәрамгарҭас иҟарҵеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥҳәыс, 11 ҭоԥ аҭаҭын аалыҵ ҵаҟатәи лымаҭәаҿ иҵәахны маӡала аҳәаа ахыгара лҽазылшәон ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿы амаҵзура.

Аҳазалхҩы-инспектор гәҩаран иибаз аԥҳәыс даанкылеит. Лара илшәыз амаҭәа леиҿкаашьа иақәымшәо илыцәдуун.

Мышқәак раԥхьа имаҭәаҵаҟа иҵәахны аҭаҭын -аалыҵ аҳәаа ихызгоз ахацәа ааныркылахьан. Руаӡәк идбалан 40 ҭоԥ асигарет, егьи – 20 ҭоԥ икьаҿ иаҵаҵәахын.

Дара ирҳәеит аҳәаа атауар ахыгара шыҟамлоз дыруа ишырҵәахыз.

Аҭаҭын -аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп, имҩанызгоз рганахь ала административтә зинеилагараз аусҭҵаара хацыркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: