COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит 67-ҩык Аԥсны атәылауаа, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4898-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3227-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 58-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 373 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 67 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иаанацҳауеит гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны рыԥсҭазаара ишалҵыз ҩыџьа апациентцәа. 1934 шықәсазы ииз аԥҳәыс иҳаҩсыз амчыбжь азы лҭагылазаашьа акыр иӷәӷәаны Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҟнытә гәдоуҭатәи агоспиталь ахь днаган. Абҵара 10 ауха идунеи иԥсахит.

Даҽа ԥҳәыск 1939 шықәсазы ииз апациентка ареанимациатә ҟәшаҿы дышьҭан жьҭаара 25 инаркны. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы лыԥсҭазаара далҵит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 111-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 94-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык, илҩаауп 14-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 30-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 39-ҩык апациентцәа. 35-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>