Гагра аԥстәқәа рыхьчара Афонд агәыҳалалратә лагалақәа рыла аҩны аархәеит

Аԥстәқәа рыхьчара Афонд "Багира" аԥҵан 2016 шықәса рзы. Уи ашьҭахь ҩышықәса ааҵуаны Гагра араион Сальма ақыҭаҿ иаадыртит ихуаадоу алақәа рыҟазаарҭа аҭыԥ "Топа".
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Миллионки бжаки аԥара еизыргеит аԥстәқәа рыхьчара Афонд "Багиреи" ихуаадоу алақәа рыҟазаарҭа аҭыԥ "Топеи" ринтернет-напаҵаҩцәа аԥстәқәа аамҭала рыҟазаарҭа аҩны аахәаразы.

Гагра аԥстәқәа рыхьчара Афонд агәыҳалалратә лагалақәа рыла аҩны аархәеит

Оҭырԥҳа ишылҳәаз ала зегь ирццакны иҟалеит. Иалагеит апроект "Нам по пути" ала. Апроект аусура иаладыргеит афонд анапаҵаҩцәа, еизыргеит 500 000 мааҭ аԥара.

Аамҭақәак рышьҭахьа апроект аԥшьгаҩцәа руаӡәк, Татиана Мальцева ателедырраҭара "Поле Чудес" аҿы еиҭалҳәеит Саида Оҭырԥҳа лусура атәы, Леонид Иакубович идылгалеит афонд волонтиорс дазыҟаларц.

"Оумашәа иубаша, уи аԥхьа сара амҩаҿы 38 000 мааҭ кажьны избеит. Изцәыӡыз дыԥшааны исҭеит. Иара убри аҽны аҭел исзасит аусура сзаҩсны сцалоз аҩны рҭиуеит ҳәа. Сара уи алақәа аамҭала рыҟазааразы аахәара сҭахын. Аҩны аԥшәма Голландиа дынхоит, уажәы уи аҩны иҭирц дааит. Миллионки бжаки ҳәа ахә ақәиҵеит. "Поле Чудес" ашьҭахь зхаҭара ҳзымдыруа ауаҩы миллионк аԥара ҳаԥхьаӡарахь ииеигеит. Инаӡеит сгәаҳәара. Аҩны ааҳхәеит" ҳәа лҳәоит Оҭырԥҳа.

Лара илҳәеит Сальматәи аҩны алақәа аамҭала рыҟазаара ҭыԥны ишыԥхьаӡахо. Гагратәи аԥстәқәа рыхьчаҩцәа бжьаратәла есымза шәнызқьмааҭ ршәалар акәын аԥстәқәа ҭыԥк аҿы рыҟазааразы.

Аԥстәқәа рыхьчара Афонд "Багира" аԥҵан 2016 шықәса рзы. Уи ашьҭахь ҩышықәса ааҵуаны Гагра араион Сальма ақыҭаҿ иаадыртит ихуаадоу алақәа рыҟазаарҭа аҭыԥ "Топа". Ари аамҭала Афонд аусзуҩцәа 700 рҟынӡа ла ареспубликаҟынтәи аҩнқәа рзырыԥшааит Урыстәыла, Америка, Европа, Канада.