Путини Бжьаниеи Шәача абҵара 12 рзы еиԥылараны иҟоуп

Аԥсны ахада имаҵураҭыԥ данахагыла аахыс изныкымкәа Москваҟа усутә ныҟәара ҳәа дцахьеит. Урыстәыла ахада инаԥхьарала Аиааира амшныҳәа иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путии Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Шәача абҵара 12 рзы еиԥылараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит Кремль асаит.

"Иазыԥхьагәаҭоуп ҩ-ганктәи ахәаахәҭра-економикатә, акультура-гуманитартә усеицура аҭагылазаашьеи аԥеиԥшқәеи рылацәажәара, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра анагӡашьеи адәныҟаполитикатә координациеи арегионалтә шәарҭадара аиқәыршәареи рызҵаарақәа рзааҭгылара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Жьҭаара 30 рзы Аслан Бжьаниа атәыла ахадас дҟалеижьҭеи хәынтәны Москва иаҭаара хыркәшан.

Аԥсны ахада имаҵураҭыԥ данахагыла аахыс Урыстәыла ахада инаԥхьарала Аиааира амшныҳәа иазкыз ауснагӡатәқәагьы дрылахәын.