Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Лачинтәи акоридор хылаԥшра аҭара иалагеит

Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟарабах аибашьра аанкылара адгылара арҭоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ашьха Ҟарабах Лачинтәи акоридори Лачин - совхоз Лысогорскии амҩахәҭеи хылаԥшра аҭара иалагеит ҳәа ааицҳауеит Урыстәыла Арратә мчрақәа рыштаб хада аоперативтә напхгараҭара аиҳабы Сергеи Рудскои, ҳәа аҩуеит РИА Новости.

Урыстәыла Арратә мчрақәа рыштаб хада аоперативтә напхгараҭара аиҳабы Сергей Рудскои аҳәамҭа ҟаиҵеит аҭынчреиҿкааҩцәа шеиқәшәо БТРқәеи акәылӡтәы машьынақәа "Тигри" "Таифуни" рыла. Дара рнапы иануп аинырратә цәаҳәаҿы автоколоннақәа рымҩаԥгара.

Уаанӡа Анкара аҳәамҭа ҟанаҵахьан аимак аҭышәныртәалара ҭырқәтәылатәи аҭынчриеҿкааҩцәа алахәхоит ҳәа. Урыстәыла ААР ахаҭарнак Мариа Захарова илҳәеит аурыс-аҭырқәа хылаԥшратә центр ахьеиҿкаахо Азербаиџьан аҵакыраҿы акәхоит ҳәа.

Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы. Аганқәа рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахымца аанкылахоит абҵара 10 инаркны.

Лачинтәи акоридор иахьаԥнуи Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿи иргылахоит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент 1960-ҩык абџьар зку аруаа рыла ишьақәгылоу, 90 кәылӡтәы транспортер, 380 ак автомобилтәи атехника ҷыдеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: