Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит аибашьра аанкыларазы

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНагорный Карабах во время обострения конфликта
Нагорный Карабах во время обострения конфликта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аганқәа рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахымца аанкылахоит абҵара 10 инаркны.

АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы ҳәа аҳәамҭа ҷыда ҟаиҵеит Владимир Путин.

Аҳәамҭа атекст Sputnik Армения иакьыԥхьит:

  • Аибашьра аанкылахоит абҵара 10 аҵх агәы инаркны. Азербаиџьани Ермантәылеи рыруаа иахьгылоу иаангылоит;
  • Аганқәа атҟәацәа еимырдоит;
  • Ереван абҵара 15 рҟынӡа Бақәа иазнаргьыжьуеит Кельбаџьартәи араион, ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа – Лачиатәи араион, иара ахархәара анаҭалоит хә-километрак аҭбаара змоу Лачатәи акоридор – Ашьха Ҟарабахи Ермантәылеи реимадаразы. Убри аан ақалақь Шуша ари апункт иаҵанакуам. Уи адагьы абҵара 20 рҟынӡа Ермантәыла Агдамтәи араиони Газахтәи араион ахәҭеи Азербаиџьан иазнархынҳәуеит;
  • Лачатәи акоридор иахьаԥнуи Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿи иргылахоит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент 1960-ҩык абџьар зку аруаа рыла ишьақәгыло, 90 кәылӡтәы транспортер, 380 ак автомобилтәи атехника ҷыдеи;
  • Аҭынчреиҿкааҩцәа дыргылоит Ермантәыла ар шалыргалак. Дара уа рыҟазаара хә-шықәса ҿҳәараны иаҭоуп, аганқәа руак ари аиқәшаҳаҭра мап ацәнакаанӡа иааиуа егьырҭ ахәышықәсақәагьы рыҿҳәара иацҵахо;
  • Аиқәшаҳаҭра анагӡара ахылаԥшразы иаартхоит аҭынчреиҿкааратә центр;
  • Иааиуа ахышықәса рыҩныҵҟа иҳәаақәҵахоит Лачатәи акоридор ала амаршрут ҿыц амҩангара – Степанакерти Ермантәылеи реимадаразы. Иалкаахоит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент амаршрут ахьчаразы. Азербаиџьан хәдықәҵара ауеит Лачатәи акоридор ала аныҟәара ашәарҭадара аиҿкааразы;
  • Ихҵәази иқәҵызи ахаҿқәа Ашьха Ҟарабахи иаԥну араионқәеи рахь ихынҳәуеит ахҵәацәа рзы ООН Иреиҳаӡоу Акомиссариат анапхгараҭара ахылаԥшрала;
  • Арегион аҿы аекономикатәии атранспорттәи еимадарақәа аарттәуп, убри аан Ермантәыла ахахьы иагоит Азербаиџьан мраҭашәаратәи араионқәеи Нахичевантәи автономиеи рыбжьара атранспорттә еимадара аиҿкаара. Аимадара хылаԥшра арҭоит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа. Уи адагьы иазыԥхьагәаҭоуп атранспорт коммуникациа ҿыцқәа, Азербаиџьани Нахичевантәи автономиеи еимаздо рыргылара.
  • Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан ари аиқәшаҳаҭра акырӡа иара изы ихьанҭоу еиқәшаҳаҭраны далацәажәахьан, аха аҽа мҩак ыҟаны ишимбо иҳәеит. Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев иҳәеит ари аиқәшаҳаҭра 1988 шықәса раахыс иҟоу аимак аҟны акәаԥ шаргыло.

    Абҵара 9 рзы азербаиџьантәи ПВО урыстәылатәи аверталиот карыжьит Ермантәыла аҵакыраҿы. Ҩыџьа ҭахеит, аӡәы ахәра ӷәӷәақәа иоуит. Алиев Путин аҭел дизасны аҭамзаара шьҭеиҵеит. Иара иҳәеит ари машәырны ишыҟалаз, акомпенсациа ашәарагьы дадгылеит.

    Аиқәшаҳаҭра ашьҭахь

    Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра анымҩаԥыс ашьҭахь Ереван аҿагыларақәа мҩаԥыргеит.

    Аинышәара аҟазшьақәа згәамԥхаз атәыла аиҳабыреи апарламенти рхыбрақәа ирыҩналаны Аминистрцәа реилазаара ҿыц еиҿкаазарци Ермантәыла Ҟарабах аганахь ала аиқәшаҳаҭрақәа ирылҵырци адҵа ҟарҵеит. Ермантәыла апарламент аиҳабы дрыԥҟеит.

    Аоппозициатә депутатцәа ирҳәеит аиҳабыра ԥхьатәара рышьҭреи аиқәшаҳаҭра мап ацәкреи рзы аӡбрақәа рымҩаԥгара рыҽшазыршәо.

    Пашиниан Facebook аҿы ишиашоу ицо аефир ала аҳәамҭа ҟаиҵеит афронт аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны шакәу аиқәшаҳаҭра инапы шаҵеиҩыз. Иара идгылаҩцәа рмитинг амҩаԥгара игәҭакуп.

    Ермантәыла ахада Армен Саркисиан иҳәеит аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра атәы АИХқәа рыла шакәу ишидырыз.

    Ажәабжьқәа зегьы
    0