Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны иҟалаз авариа аԥыхуп

Аԥсны афымцацәаҳәақәа ажәит, рҭагылазаашьа нагарҭа амамкәа ибааԥсуп, убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара еиҳа-еиҳа иацлоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны иҟалаз авариа аԥыхуп, шьаҿа-шьаҿала абжьааԥны ЕгрыГЕС аҟынтәи ахархәара змоу афымцеиқәыршәара асхемахь ииасуеит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Аԥшьаша абҵара 12 ахәылԥаз Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны. Авариа шааҟалаз еиԥш Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуразы аҳәара нанашьҭит. Аусзуҩцәа ракәзар, аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ рыԥшаан, иаразнак аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит.

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны иазгәарҭахьан авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҿы аԥхасҭа шыҟоу ацәаҳәақәа зҵоу аидара иахҟьаны.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла, Аԥсны афымцацәаҳәақәа ажәит, рҭагылазаашьа нагарҭа амамкәа ибааԥсуп, арахь афымцамч ахархәара есышықәса иацлоит 5-9% рыла, уи иахҟьаны уажәы иҟоу амчхара азхом иахьатәи аамҭазы ахархәара змоу афымцалашаразгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: