Арадио

Џьапуа аимҳәазы алаҵа иазкны: хымԥада, иҟаҵатәуп

Аԥсныҟа иаашьҭуп ҩ-нызқь доза аимҳәазы алаҵа. Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит алаҵа аҟаҵара ахьынӡаҭаху.
Sputnik
Џьапуа аимҳәазы алаҵа иазкны: хымԥада, иҟаҵатәуп

"Ари есышықәса иҟаҳҵо алаҵа ауп. Аҭаацәа рҟынтәи азнеишьа еиԥшым, иҟоуп абжаҩык издызымкыло, агәра зымго, иҟоуп иазыԥшугьы. Сара исҳәар сҭахуп - ари иԥышәоу алаҵа ауп. Аштамм хәыҷык аҽаԥсахуеит есышықәса, аха акомпонент алаҵа злашьақәгылоу аҽаԥсахӡом. Ари азҵаара есышықәса ҳалацәажәоит, аҳақьымцәа ҳгәаанагарала, хымԥада, иҟаҵатәуп. Ари мчыла ауаҩы идыргалаӡом. Иахьатәи аамҭазы ижәбоит аҭагылазаашьа зеиԥшроу COVID-19 аганахьала, уи изаамҭанытәиу агриппи иареи реилалара аусқәа даара иманшәаламхар ауеит. Убри аҟынтә ауаа рхаҟны инаганы ирасҳәар сҭахуп иацклаԥшны иҟарҵартә еиԥш", - иҳәеит Џьапуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: