АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк абҵарамзазтәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абанк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Гадлиа.
"1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит абҵара 16, 17, 18 рзы; 1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз - абҵара 19, 20, 23 рзы; 1948 - 1950 шықәсқәа рзы ииз - абҵара 24, 25 рзы; 1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз - абҵара 27, 30, ԥхынҷкәын 1 рзы; 1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз – ԥхынҷкәын 2, 3 рзы; 1956 шықәса инаркны ииз - ԥхынҷкәын 4 инаркны", - иҳәеит иара.
Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: