Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа рырҭеит

Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа рыҭара ацеремониа мҩаԥган Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә базаҿы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа ареспублика аинфраструктура асоциалтә обиектқәа қәҿиарала рырзҩыдара ахьымҩаԥыргаз азы Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа "Аԥсны аҭынчра аҟазаара адгылара" ази "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵра" ази рыҭоуп ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа рыҭара ацеремониа мҩаԥган Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә базаҿы. Ацеремониа иалахәын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, Аԥсны Арратә мчрақәа рыштаб хада аиҳабы Васили Лунев, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов, урыстәылатәи арратә база акомандир Олег Сеньков уҳәа егьырҭгьы.

Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа рырҭеит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аруаа рколонна хынҳәраны иҟоуп Ҟрымтәи адгьылбжьахахь ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа хымчыбжь инарзынаԥшуа Аԥсны иахьаҵанакуа арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит. 700 нызқь метр-ԥшьыркца арзҩыдара иахыжьуп.

Арзҩыдарақәа мҩаԥган Аҟәа ақалақь, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рҿы. Иара убасгьы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоуи" Урыстәылатәи арратә базеи.

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа еидҵоу аҟәша иалахәын аруаа 30-ҩыки 11 автомашьынеи.

Урыстәылатәи аруаа Гагра арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит

Автомашьынақәа ирылахәуп зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У, ДКВ-1К, аԥхарратә машьынақәа ТМС-65У, арзҩыдага ҷыдақәа ДК-4.

11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы, 800 километра ирхысны.

Уаанӡа, Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагон 2020 шықәса мшаԥымзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: