Ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон рыцқьоуп Аҟәа

Аԥсны ауаажәларратәи акультуратәи усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуан мызкы иназынаԥшуа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" Аԥсны ауаажәларратәи акультуратәи усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аҿы арыцқьаратә усурақәа хнаркәшеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Атекст аҿы иазгәаҭоуп акыр шықәса шыҵуаз апантеон уаҩ даламкьысижьҭеи. Абарҭ аамҭақәа рыла ара аҵлақәеи абаџьари гылан иҟан.

"Апантеон ахь уназго амҩа рыцқьоуп, изызҳацәаз аҵлақәеи ачықьқәеи хыҵәҵәоуп. Ақалақь ахадара апланқәа рыла арахь алашара аагахоит, аанда-кәырша еиҭашьақәыргыланы аҭаларҭеи аҭыҵырҭеи аркны ашлагбаум ргылахоит", - иҳәеит Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.

Аҟәатәи ашьхаҿы атәыла иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аартра аидеиа цәырҵит 1959 шықәса рзы апоет Алықьса Лашәриа иԥсҭазаара даналҵ, аха иара аартра алыршахеит 1965 шықәса рзы. Раԥхьа ара анышә дамардеит Гәылрыԥшь араион апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Григори Ԥлиа. Апантеон аҿы анышә иамадоуп еицырдыруа ареспублика ауааԥсыра: ашәҟәыҩҩцәа Қьаазым Агәмаа, Иван Ҭарба, актриса Минадора Зыхәԥҳа, актиор Шәарах Ԥачалиа, аҵарауаҩ Михаил Ҭраԥшь уҳәа ирацәаҩны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: