Очамчыра араион аиҳарак фымцалашарада иаанхеит

Очамчыратәи афымцастанциаҟны атрансформатор Т-1 аҿы иқәгылаз аҿакыга МВ-110кВ ԥхасҭахеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Очамчыра араион аиҳарак фымцалашарада иаанхеит афымцастанциа "Очамчыра 2" афымцеидара рацәаны иахьақәлаз азы ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Иазгәаҭоуп атрансформатор Т-1 аҿы иқәгылаз аҿакыга МВ-110кВ ԥхасҭахеит ҳәа. Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аус руеит "Амшынеиқәафымцамч" изыхәҭоу амаҵзурақәа.

Очамчыра араион аиҳарак фымцалашарада иаанхеит

Авариа ҿыцқәа ҟамларц азы иҵегьы араион аҿы қыҭақәак рахь афымцалашара анашьҭра ааныркылеит.