Арадио

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит Ақьиара амш азы еиҿыркааз акциа атәы

Иахьа адунеи аҟны иазгәарҭоит ақьиара амш. Акультура–гәыҳалалратә фонд "Ашана" сынтәа апандемиа аамҭазы уи шазгәанаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит афонд анагӡаратә директор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Sputnik

 

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит Ақьиара амш азы еиҿыркааз акциа атәы

"Хәышықәса ирҭагӡаны амза 13 рзы (абҵара – аред.) иазгәаҳҭон Агәыҳалалра жәларбжьаратәи амш, Аԥсны ашколқәа рҟны имҩаԥыргон ақьиара аурокқәа. Сынтәа апандемиа ҳагәҭакқәа хнарбгалеит. Ԥхынҷкәын 3 рзы згәабзиара уашәшәыроу ауаа Жәларбжьаратәи рымш азы имҩаԥаҳгарц ауп ус еиԥш аурокқәа.
Ус шакәугьы, иахьагьы имҩаԥаҳгарц ауп агәыразратә акциа "Шьаҿацыԥхьаӡа ақьиара" ҳәа. Хықәкыс иҳамоуп ақьиара акәылаԥқәа ахьыҟоу қалақьцыԥхьаӡа идҳарбарц, уи азы авидеороликқәа ҭаҳхит афонд "Ашана" асоциалтә даҟьақәа рҟны ирбар ауеит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: