Арадио

Алогопед Леиԥҳа: ахәыҷы иқәра иаҵанамкуа ашьҭыбжьқәа идгалара иашаӡам

Алогопедцәа Жәларбжьаратәи рымш ҳәа иԥхьаӡоуп абҵара 14. Арадио Sputnik аефир аҟны Аҟәа ақалақьтә хәыҷбаҳча "Адәыкрын" аусзуҩ Наида Леиба еиҭалҳәеит ахәыҷы иажәаҳәашьа аус шадыруло атәы.
Sputnik
Алогопед Леиԥҳа: ахәыҷы иқәра иаҵанамкуа ашьҭыбжьқәа идгалара иашаӡам

"Хышықәса зхыҵуа ахәыҷы днеиуеит ахәыҷбаҳчахь, уи ашьҭыбжьқәа изымҳәо даара ирацәоуп, аха ахара ҳазидҵом. Иара иқәра ишаҵанакуа иҳәоит, заа ашьҭыбжьқәа идгаларагьы иашаӡам, игәабзиара уашәшәырахар алшоит. Иизымҳәо ашьҭыбжь аҭаацәа ианидырцало, иҟырҟы иазышьҭнамхыр ауеит. Алогопедцәа ашьҭыбжьқәа қәрала ишаны ирымоуп", - ҳәа азгәалҭеит Леиԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: