COVID-19 змоу ачымазцәа рзы иҷыдоу аҟәша аартхоит Тҟәарчал

Апандемиа аамҭазы Тҟәарчал ақалақьи Тҟәарчал араиони акоронавирус зыдбалаз рхыԥхьаӡара 198-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Тҟәарчалтәи аполиклиникаҟны иаартхоит акоронавирус зыдбало рзы аҿкытә ҟәша иааиуа амчыбжь азы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәлиа.

Аԥсны раԥхьаӡа акәны ашьа аплазма ахархәара арҭеит COVID ахәышәтәразы

"Аҟәша 15 ҭыԥ амазаауеит. Агәабзиарахьчара аминистрраҟнытә ахәшәқәа ҳаухьеит. Аҟәша аартхоит зыргылара иаҿу аполиклиника ахыбраҟны. Азҵаара ӡбоуп араион анапхгареи агәабзиарахьчара аминистрреи реиқәшаҳаҭрала", -  лҳәеит Гаргәлиа.

Иазгәалҭеит, аусуразы ишеиҿкаау ԥшь-гәыԥк аҳақьымцәа, дара ҷаԥшьалоит мчыбжьык-мчыбжьык.

Акоронавирус зыдбало рыхәышәтәразы аҟәша ҿыц иахәҭоу амаругақәеи ахәшәқәеи рыла еиқәыршәахоит, лҳәеит аҳақьым. Иӷәӷәоу апациентцәа аныҟоу гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь, ма "Аиҭар" еиҿкаау Урыстәыла атәылахьчара иатәу амобилтә госпиталь ахь ирышьҭуеит.

"Ачымазара ҿкы аҽеиқәтәра иахьаҿуи, зхы усымшәа избо иаразнак аҳақьымцәа иахьрыдҵаало ирыбзоураны абри амз азы Гәдоуҭаҟеи "Аиҭари" аӡәгьы даҳмышьҭит", - ҳәа азгәалҭеит аҳақьым хада.

Гаргәлиа лажәақәа рыла, акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз раԥхьатәи апациент Тҟәарчал даарԥшын цәыббра 1. Апандемиа аамҭазы ақалақь аҟны иаарԥшуп 192 акоронавирустә хҭыс, фҩык араион аҿы.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь ишьҭын 21-ҩык апациентцәа, ԥшьҩык- "Аиҭар".

Аҩны рҽырыхәшәтәуеит 50-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>