Арепатриациа

Маха Кəыџба: Аԥсны сара схьаауп, сгəыӷроуп, слахьынҵоуп

2013 шықəса рзы Шьамтəылантəи зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь нхара ҳəа ихынҳəыз Маха Кəыџба лҭоурых ажурналист Сырма Ашəҧҳа ланҵамҭаҿы.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шықəсқəак раԥхьа Шьамтəылантəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь ихынҳəыз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Маха Кəыџба лҭаацəа. Лыԥшəма шаԥсыӷуп, Маруан Ҳаӷбаџь-Сафарбеқь. Дара ҩыџьа ахшара рымоуп.

Шьади Баӷба: "Мчык исыҵанаҳәон, гәыӷрак сыман Аԥсныҟа сшаауаз"

Зыӡбахə сымоу аҭаацəеи сареи ҳаибадырра џьашьатəшəа иҟалеит. Уи аҽны Маҷара аҳаблаҿы инхо ҳџьынџьуаа снарыҿцəажəарц сцеит. Урҭ рахьтə иҟан издырқəоз, иҟан ҿыц сзабадырқəаз. Адəаҿы ҳаидгыланы аицəажəара ҳшаҿыз, ҩыџьа аҷкəынцəа хəыҷқəа наҳавсит, нас иааҭгыланы иҳахəаԥшуа иалагеит.

"Шəызусҭцəада шəара?" - сҳəан снаразҵааит.

"Сара Шьамтəылантəи сааит,-иҳəеит руаӡəк, егьи: - Нхыҵ-Кавказынтə", -иҳəеит.

Шьамтəылатəи ҳаԥсуа ҳəыҷы иҩыза қəрала маҷк диеиҳабын, "аҩныҟа ҳара ҳахь шəымнеиӡои, аҩны сани саҳəшьеи ыҟоуп" иҳəеит урыс бызшəала. Саргьы ажəа исҭеит рыҩныҟа ҳамҩахымҵкəа сшымгьежьуаз.    "Ус акəзар араҟа сышəзыԥшуеит", - иҳəан, иикыз ицыгə хəыҷы аауишьҭын, сааигəара дааины даагылт. 

Адəаҿы сусқəа санрылга, аҷқəын хəыҷы снаицны иҩныҟа сынхалеит. Ашə снасит, аԥшəмаԥҳəыс Маха дҿаԥха-ҿаччо дааҳԥылеит. Заа сзабадырхьаз лԥа хəыҷы иналеиҳəеит сызусҭаз, нас иаразнак дыҩны изыԥшыз иҩыза хəыҷы иахь дылбааит. Аԥсшəақəа анааибаҳҳəа, ҳаиҿцəажəарагьы ҳналагеит. Лара лгəы иаланы иазгəалҭеит лхатəы бызшəала дахьзымцəажəо, аха аҵара дшаҿу.

"Шьамтəыла аԥсуаа рацəаҩны иахьынхоз Берҳаџьам ақыҭаҿы инхон сара сҭаацəа. Аибашьра иахҟьаны ҳаҩнқəа зегьы ҟəыбаса еилажьуп. Аԥсныҟа ҳанаауаз иаҳшəыз ҳцəамаҭəа ада аҩны акагьы ҳзалымгаӡеит. Сара сан Мазоҳ Асрие дедыгьын, араб бызшəа инаваргыланы ҳаҩнаҭаҟны иаҳҳəоз аедыгь бызшəа акəын, убри аҟынтə саԥсшəа хьысҳауп", - лҳəеит Маха. 

Ҳақан Гочуа: ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз амҩа ҳанызар ҳҭахуп

Маха Кəыџба ҟазшьала даара иҭынчу, згəы ҭбаау, агəлара-азлара пату зқəу ԥҳəызбоуп. Аҩнтəи аусқəа акыр игəцаракны, лыхшара рнапы рыдкыланы дынхоит лыԥсадгьыл аҿы.

"Иҟалап, Аԥсныҟа ҳаара аибашьра иахҟьазар. Знык ҳаԥсадгьыл ҳшьапы анықəҳаргыла нахыс уажəаԥхьа абра ҳашԥанымхоз ҳəа хəыцра жəпакы сызцəырҵуа иалагеит. Аԥсадгьыл змам ауаҩы дхəаҽуп, уи  еиҳагьы ианеилыскааз уажəоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы сҭаацəеи сареи ҳгəырӷьаҵəа ҳанхоит, ҳанаауаз икаҳҭəаз алаӷырӡ наунагӡа ҳахəаҽуаз џьысшьон, аха ус акəымхеит", - ҳəа азгəалҭоит ҳџьынџьуаҩ.

Маҷара аҳаблаҿы Маха Кəыџба лҭаацəеи лареи нхарҭа ҭыԥла реиқəыршəара ахахьы иагеит ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳəразы Аҳəынҭқарратə еилакы.

"Ауаҩы ауаҩы изы дыхəшəуп. Ҳаԥсадгьыл аҿы инхо ҳауаажəлар убриаҟара ԥхаррала иаҳԥылеит, ҳхьаақəа зегьы ҳхадыршҭит. Ҳаигəылара бзиоуп, ҳаихаҵгылоит, досу излаҳалшо ала аус ҳуеит. Схəыҷқəа духеит, исыцхраауеит, аӡӷаб еиҳабы Ламар 14 шықəса лхыҵуеит, аҷкəын Омар  3-тəи акласс аҿы аҵара иҵоит, Аҟəатəи ашкол интернат дҭоуп", - лҳəеит Маха, аратəи рыԥсҭазаара дахцəажəауа.

Ииашаҵəҟьаны, Махеи сареи ҳаиҿцəажəара ҭырџьманра азызуаз лыԥҳа еиҳабы лакəын. Атəым бызшəақəа акыр дрызҟазоуп, лхатəы бызшəа акəзар, хымԥада аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, есааира ицқьаны илҵарц дацклаԥшуеит. Аҩнаҭа аԥшəма иакəзар, аҽны дсықəымшəеит, аусура дыҟан. 

"Ҳара Шьамтəыла ҳанынхоз иҟалап ҳаиҳабацəа ирхыргаз аҭоурых уиаҟара хырҩа аҳамҭозҭгьы. Уажəы уи акыр хьаас иҳамоуп, абазақəа ҳəа иҳашьҭан уаҟа зегьы. Уимоу, "Абаза" рыхьӡырҵон ииуаз асабицəагьы. Убриала атəым милаҭ ҳрылаӡҩарц ҳҭахымызт", - ҳəа азгəалҭеит Маха Кəыџба.

Аисель Агрԥҳа: Шьамтəыла сынхоны схаҿгьы исзаагом

Маха Кəыџба дахьиз аҭаацəараҿы ахшара рацəа ирызҳауан. Быжьҩык аиҳəшьцəеи иашьаки ыҟан.  Аԥсҭазаара убас еиԥш иҳəаақəнаҵеит, рызегьы атəым ҳəынҭқаррақəа рҿы инхоит. Иаҳҳəозар: Италиа, Германиа, Ҭырқəтəыла, Шьамтəыла. Урҭ зегьы иахьа излеигəныҩуа аҭелтə еимадара алоуп. Маха Кəыџба лоуп разҟыс изауз лабдуцəа рџьынџь ахь ахынҳəра. Агəыӷра лымоуп лаҳəшьцəеи лашьеи Аԥсныҟа иаартə еиԥш аҭагылазаашьа роуп ҳəа, насгьы урҭ рахьтə аӡəы идамхаргьы араҟа дынхартə-дынҵыртə дҟалап ҳəа.

Маха ажəа сылҭеит лхатəы бызшəа бзианы ишылҵалак лыгəҭахəыцрақəа еиҳа инарҭбааны исзеиҭалҳəарц. Аха, урҭ зегьы еидкыланы ирхылҵуа акоуп: "Аԥсны - сара сыгəҭыхоуп, сгəырӷьароуп, схьаауп, слахьынҵоуп", - лҳəеит. 

Уи аҽны имҩаԥызгаз аиҿцəажəарақəа ирхылҵыз аԥхарра акыраамҭа исыцуп. Ҩаԥхьа ҳџьынџьуаа рҭоурых зҳəо адаҟьақəа ҿыц еихсыршəшəаанӡа. Маха Кəыџба лҭаацəеи лареи ирзеиӷьаҳшьоит аихьӡарақəа, рыԥсадгьыл аҟны аиҵыҵра, аизҳазыӷьара!