Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Ҳақан Гочуа: ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз амҩа ҳанызар ҳҭахуп

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаХакан Гочуа
Хакан Гочуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ, ашәуа Ҳақан Гочуа (Ҟочу) иҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ианармза 20, 1994 шықәса рзы, Ҭырқәтәылантәи раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаҩ Ҳақан Гочуа иахьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ихы дахамышшаауа дынхоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Чорум иреиҳау аҵараиурҭа дҭан, анџьныр-механик изаанаҭ ала аҵара иҵон. Иара излаиҳәо ала, Аԥсныҟа аара еснагь игәы иҭан, аха дызлаара амҩа издыруамызт.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зҭаацәа зманы ихынҳәыз Дани Агрба дынхоит Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблаҿы. - Sputnik Аҧсны
Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп

"Сҭампыл инхоз Раҳми Ашәба ҳәа хаҵаки сареи ҳаибадырит. Иахәҭаз адокументқәа реиқәыршәаҿы ацхыраара сиҭеит, иара идунеи иԥсаххьеит, џьанаҭ гыларҭас иоуааит. Абасала, Раҳми сареи ҳаицны Аԥсныҟа ҳааит, уижьҭеи сҭаацәа рбаразы сымцозар Ҭырқәтәылаҟа, ара сынхоит", - иҳәеит Ҳақан Гочуа.

Ҳџьынџьуаҩ Ҳақан Гочуа Аԥсныҟа данаа, ҩышықәса ааҵауаны ҿыц иаадыртыз Башаран-коллеџь аҿы ҭырџьманс аусура далагеит, аратәи аԥсҭазаара лассы иҽаиршьцылеит. Усҟан дызхысыз ахҭысқәа иахьа ихәыцраҿы иаанхаз гәалашәарақәоуп.

"Раԥхьа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы сынхон, анаҩс Кәыдреҭ Чагьам ҳәа Ҭырқәтәылантәи Аԥсны инхоз сҩыза ааԥхьара сиҭан, хымз сисасын, ҭабуп ҳәагьы иасҳәоит. Ашьҭахь, Алашарбага аҳаблаҿы сҩызцәеи сареи ҳаицынхон. Арҭқәа зегьы зысгәаласыршәо, акырӡа аҵанакуеит гәаартыла, рхы-рҿы ачча ақәыхх ауаа ануԥыло, угәалаҟазаара анышьҭырхуа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳақан, Аԥсныҟа иаара игәаларшәауа.

Ҳақан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иҵара иациҵеит, афилологиатә факультет англыз бызшәа аҟәша далгеит, аҩызцәа ирҳаит, иидыруаз аԥсуа бызшәа акәзар, акыр еихеиҳаит.

Ҭамер Ешба - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом

"Абар, уажәшьҭа аашықәса инареиҳауп схатә усқәа аартны исымоижьҭеи, амашьынақәа аҳәаанырцәынтәи иаахәан исҭиуеит, иара убас Гагра ауҭраҭыхааӡарҭатә наплакы еиҿкааны исымоуп, схы сахашшаауа сыҟам, изласылшо ала акы саҿуп", - иҳәеит ҳаиҿцәажәараҿы Ҳақан Гочуа.

Ҳақан Гочуа иабацәа урҭ рабацәа рҭоурых аилкаара аҭҵаара бзиа ибоит. Амҳаџьырра ҳауаажәлар зықәнаршәаз аџьамыӷәа цәгьа Ҳақан иабшьҭрагь иркьымсырц залыршамхеит.

"Сабду иабду Аҳмеҭ Гочуа (Ҟочу) Черқьесск, Ҭрамқыҭ ҳәа иахьашьҭаз дынхон. Иара иԥа Сулеиман уа диит, нас амҳаџьырра Ҭырқәтәылаҟа дагеит, уа дҭаацәарахеит, дагьыҿиеит. Амшыннырцәҟа ианнанага, аҭырқәа еиҳабыра нхарҭаҭыԥс иддырбаз аҭыԥ ргәамԥхеит, акырӡа иҳаракыран, ишьхаран, аӡынра цәгьан, иӡбаарраны иҟан. Ашьҭахь, дара рхала иргәаԥханы маҷк илаҟәыраны иалырхыз аҭыԥ рырҭеит, ахьшьцәа рыцырхырааны илбааит", - иҳәеит Ҳақан Гочуа.

© Foto / предоставлено Хаканом ГочуаҬырқәтәыла иҟоу Арасаӡыхь ақыҭа
Ҳақан Гочуа: ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз амҩа ҳанызар ҳҭахуп - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла иҟоу Арасаӡыхь ақыҭа

Иара иабшьҭра анхара нап ахьаларкыз ақыҭа Ҭоқаҭ ақалақь иаҵанакуа Фындыџьақ ақыҭаҿоуп, аԥсышәала ари ақыҭа Арасаӡыхь ахьӡуп. Ақыҭа иаакәыршаны арасақәа ыҟоуп, аӡыхь ыҵхәраа ицоит.

© Foto / предоставлено Хаканом ГочуаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
Абхазское село Арасадзыхь в Турции - Sputnik Аҧсны
1/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
© Foto / предоставлено Хаканом ГочуаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
Абхазское село Арасадзыхь в Турции - Sputnik Аҧсны
2/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
© Foto / предоставлено Хаканом ГочуаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
Абхазское село Арасадзыхь в Турции - Sputnik Аҧсны
3/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
© Foto / предоставлено Хаканом ГочуаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
Абхазское село Арасадзыхь в Турции - Sputnik Аҧсны
4/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
© Foto / предоставлено Хаканом ГочуаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
Абхазское село Арасадзыхь в Турции - Sputnik Аҧсны
5/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
1/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
2/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
3/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
4/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь
5/5
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь

"Арасаӡыхь ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы ашәуақәа роуп инхо, 50 ҭӡы инарзынаԥшуа иҟоуп. Сҭампылынтәи машьынала 11-12 сааҭ бжьоуп, Чоруми Сиваси рыбжьара ишьҭоуп ҳара ҳқыҭа. Ҭырқәтәылатәи Арасаӡыхь ақыҭаҟынтә ҳазҭагылоу аамҭазы сара сымала соуп иҟоу Аԥсны. Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа иаақәаз ҭаацәарак ыҟан, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны рышьҭахьҟа ихынҳәит", - иҳәеит Ҳақан Гочуа.

Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз ҳџьынџьуаа аԥсҭазаара уадаҩ иҭагылан, аибашьрақәа, адгьылҵысрақәа, ачымазара бааԥсқәа уҳәа ирхырымгаз акыҟам. Ҳақан иаб иаҭымла дааӡан, дшыхәыҷыз иаб дыԥсхьан (Ҳақан иабду).

"Саб иан Молла Медиҳа дашәыуа ҭыԥҳан, сан лан сан даниз дыԥсит, сан ланду дедыгьан, сангьы аедыгьа бызшәа бзианы илҳәон. Саб иабду Риза ақыҭа деиҳабын, иажәа акрылнадо дыҟан. Ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз апатуеиқәҵара ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иҳацзар ҳҭахуп", - иҳәеит Ҳақан, аԥсуара аӡбахә дазааҭгыло.

Ҳақан Гочуа излаиԥҳьаӡо ала, аԥсҭазаара уара унапала иурԥшӡароуп, аҭаацәара рыҩнуҵҟаҿы рхатә усқәа дара-дара шалацәажәо еиԥш, аҳәынҭқаррагьы ажәлар рхатәымчқәа рыла рыхшыҩ еилаҵаны иныҟәыргароуп, анаҩс ауп анаԥшцәагьы ҳаҭырла ианҳазныҟәо.

Али Аншба - Sputnik Аҧсны
Али Аншба: аԥсуа дахьыҟазаалак иҩн ду ахь, Аԥсныҟа даароуп

"Ҳҳәынҭқарра иамоу алшарақәа еихаҳҳароуп, уи злашьақәгылоу амахәҭақәа ҳарӷәӷәароуп, азакәанқәа аԥхьа инаргыланы, уи сара сгәаанагароуп. Аҳәаанырцәынтәи иаауа ҳашьцәа гәыла-ԥсыла ирҭахны иаароуп, рылшарақәа ирықәгәыӷуазароуп, аҳәынҭқарра азхаҵгылара рынаҭозаргьы, уи иахьыԥшны имтәароуп, рнапаҟынтә иааиуа ҟарҵароуп. Ҳазегьы ҳҳәоу еиқәшәаны ҳаныҟала, амҩа иаша ҳанымлар залшом", - иҳәеит Ҳақан Гочуа.

Ҳақан Гочуа ихатә харџьала Бзыԥ анхарҭаҩны ааихәахьан, аха иусура аганахьала Аҟәаҟа аара аниҭахха, иааихәахьаз аҩны арепатриациа иаиҭеит, уи ахаҭыԥан Маҷара ҳџьынџьуаа реиланхарҭа аҭыԥ аҿы ауадақәа ирҭеит, еиҭнырыԥсахлеит.

© Foto / предоставлено Сырмой Ашуба Маҷара ақыҭан ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз анхарҭаҩнқәа
Ҳақан Гочуа: ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз амҩа ҳанызар ҳҭахуп - Sputnik Аҧсны
Маҷара ақыҭан ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз анхарҭаҩнқәа

Ҳақан Гочуа дҭаацәароуп, иԥшәма Ӷәада ақыҭа деиуоуп, Жьиԥҳауп. Анцәа иҳәааит Ҳақан Гочуа иԥсадгьыл аҿы аизҳара иоуа, игәҭакқәа зегьы нагӡахо!

Ажәабжьқәа зегьы
0