СССР жәлар рартист Армен Джигарханиан иԥсҭазаара далҵит

СССР жәлар рартист Армен Джигарханиан 85 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит мызкы уажәаԥхьа, жьҭаарамза 3 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Армен Джигарханиан иԥсҭазаара далҵит 86 шықәса дшырҭагылаз, аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳгәы ҳзырхьыз ажәабжь ҳауит. Армен Борис -иԥа Джигарханиан, артист ду, аԥхьагыла, ихьӡ зху атеатр анапхгаҩы иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит амаҵзура зыҿцәажәоз.

Иҳаҩсаз амзазы артист иазгәеиҭеит ииубилеи-85 шықәса, иҟазаратә усура аамҭа 65 шықәса, иаԥиҵази дызхагылази Москватәи адраматә театр 25 шықәса рхыҵреи. Аиубилеи азы артист даҭааит изгәакьоу атеатр, иҩызцәеи иколлегацәеи рҟынтә адныҳәаларақәа идикылеит. Аҽны итеатр аҟны Джигарханиан ихьӡала анапеинҟьабжьқәа акыр аамҭа еихьсыӷьра рықәмызт.