Ԥсоу аҳәааҿы иаԥырҟәҟәаауп закәаншьаҭада Ашәҟәы ҟаԥшь иану аԥсыӡ ахыгара

Ақьоуқьад-ԥсыӡ (осетр-аред.) Урыстәыла Ашәҟәы ҟаԥшь иануп. Аҳәаа ахыгаразы аԥсыӡ амашьына аидараҭыԥ аҟны ацитрустә шәырқәа рыҵаҟа иҵәахын.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи Урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿы иаԥдырҟәҟәааит закәаншьаҭада аԥсыӡ хкы ақьоуқьад ахыгара. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа асаит.

"Автомашьынақәа роушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы агәаҭаразы иааныркылеит амашьына, аидараҭыԥ аҿы ирбеит Ашәҟәы ҟаԥшь иану аԥсыӡжәла-ақьоуқьад.

Атауари автомашьынеи ырбаандаҩуп, аԥсыӡ аекспертизахь ишьҭуп, наҟ-наҟтәи апроцессуалтә ӡбаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: