Аԥсны акоронавирус 34-ҩык ирыдырбалеит, пациентк иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5099-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3470-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 62-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 208-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абҵара 16 рзы Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы иаарту урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҿы иԥсҭазаара далҵит 1943 шықәсазы ииз акоронавирус адиагноз ззышьақәырӷәӷәаз апациент. Иара иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы идунеи иԥсахит абҵара 15 ауха агәы-шьадатә зымхара иахҟьаны.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 95-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 84-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ы, ибжьаратәуп - 22-а, илҩаауп 4-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 25-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа. 27-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>