Гагра аӡыҭгага аԥҽра зыхҟьаз афымцалашара арцәароуп

Гагра араион аӡыканал ишаанацҳауа ала ауааԥсыра аӡы рзынашьҭра зеиԥҟьаз аӡыҭгагатә станциа "Репруа-1"аҿы аркыга ахьыԥҽыз ауп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16– Sputnik, Бадри Есиава. Гагра аӡыҭгага аԥҽра зыхҟьаз афымцалашара арцәароуп ҳәа иҳәеит Гагра аӡыканал аиҳабы Беслан Цыгәба.

Гагра уахыки-ҽнаки ӡыда иаанхоит

"Аамҭа-аамҭала излагаз афымцарцәара иара усгьы цәгьала зыԥсы ҭаз ҳанхамҩа зынӡа иаалгоит. Аӡыҭгага аркыга ԥжәеит. Уажәы аҿыц, 400 нызқь мааҭ иаԥсоу ықәҳаргылоит. Уигьы акы аахьыр, ақалақь 70% ауааԥсыра зынӡа ӡыда иаанхоит. Иҳамоу иаракоуп. Аремонт ахыркәшара асааҭ 16:00 шыҟоу ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит Цыгәба.

Аҿыц ркыга акы ахьыр, мчыбжьыкгьы аӡы ҟалом Гагра, збанзар иара Урыстәыла иԥшаатәхоит.

"Аҿыц аԥшаара аамҭа аҭаххоит. Ауаа ргәы кыдгылеит. Алашара шыҟалалакҵәҟьагьы иаразнак аӡы ҳазрыҭаӡом. Аӡеизакырҭаҿы еизароуп аӡы. Ауаа лашарада иахьтәо азымхо, аӡгьы инаамҭоу ироуам", -  иҳәеит Цыгәба.

Аӡыканал аиҳабы иҳәеит ианамуӡа аӡыҭгага станциа "Репруа-1" еиԥмырҟьаӡакәа алашара амазароуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: