АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Аӡыҭгага станциа "Репруа-1" аҿы аркыга хада ахьыбжьысыз азы уи аԥсахра ахьрықәшәаз азы аӡы аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Гагра ақалақь аӡыканал.
Уажәы астанциаҿы аусурақәа ирҿуп. Аӡы аушьҭхоит абҵара 17, аҩаша ҳәа аарыцҳауеит адырраҭараҿы.
Уаанӡа Sputnik аинтервиу азҭаз Гагра ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Роман Чагәаа иҳәеит ақалақь аҿы аӡоушьҭра аҭагылазаашьа акыр ишбааԥсу. Иара ишиҳәо ала, иажәхьоу аӡымҩангагақәа рыдагьы аӡыҭгагақәагьы акыр иқәсхьеит. Шықәсқәак раԥхьа аремонт зызуз аӡеизакырҭагьы ашьшьара аиуит.
Гагра аӡы графикла ироуеит ҩба-хԥа сааҭ мышкы аҩнуҵҟа. Ауаа ари аҭагылазаашьа агәынамӡара рнаҭоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гагра ӡыла аиқәыршәара етап-етапла имҩаԥгахоит