Арадио

Ҳалбад еиҭалҳәеит Аԥсны ашколқәа рзы раԥхьатәи онлаин-диктант шымҩаԥысыз

Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра имҩаԥнагеит онлаин-диктант аԥсуа бызшәазы 10-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы. Уи шымҩаԥысыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аспециалист хада Валентина Ҳалбад.
Sputnik
Ҳалбад еиҭалҳәеит Аԥсны ашколқәа рзы раԥхьатәи онлаин-диктант шымҩаԥысыз

"Адиктант амҩаԥгара хықәкыс иамаз онлаин ала аҵаҩцәа аусура шаҟа иазыҟаҵоу, уи азы амаруга змоу измам атәы аилкаара, иҳахәарҭахон ганкахьала, иара убас ҳхәыҷқәа гәаларшәагак, зыҟаҵарак аҳасабала ирзымҩаԥган. Адиктант аҟны 140 ажәа ыҟан, уи - Миха Лакрба иҩымҭа "Ажәа иалымшо егьыҟам". Адиктант ахықәкы - аҵаҩцәа ирымоу адыррақәа, еиуеиԥшым азҵаарақәа ишырзыҟаҵоу агәаҭароуп, аха сара ианалсхуаз аграмматикатә ԥҟарақәа рдырра адагьы, исҭахын атекст ааӡара аганахьалагьы еидарак шьҭыхны ирыднаҵарц", - лҳәеит Ҳалбад.

Лара иазгәалҭеит онлаин-диктант ишалахәыз еиуеиԥшым ашколқәа рҟнытәи 400-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.