Ҳалбад онлаин- адиктант Аԥсны ашколқәа рзы: ибзиоу усхкуп иахьатәи ҳҭагылазаашьаҟны
"Адиктант амҩаԥгара хықәкыс иамаз онлаин ала аҵаҩцәа аусура шаҟа иазыҟаҵоу, уи азы амаруга змоу измам атәы аилкаара, иҳахәарҭахон ганкахьала, иара убас ҳхәыҷқәа гәаларшәагак, зыҟаҵарак аҳасабала ирзымҩаԥган. Адиктант аҟны 140 ажәа ыҟан, уи - Миха Лакрба иҩымҭа "Ажәа иалымшо егьыҟам". Адиктант ахықәкы - аҵаҩцәа ирымоу адыррақәа, еиуеиԥшым азҵаарақәа ишырзыҟаҵоу агәаҭароуп, аха сара ианалсхуаз аграмматикатә ԥҟарақәа рдырра адагьы, исҭахын атекст ааӡара аганахьалагьы еидарак шьҭыхны ирыднаҵарц", - лҳәеит Ҳалбад.
Лара иазгәалҭеит онлаин-диктант ишалахәыз еиуеиԥшым ашколқәа рҟнытәи 400-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.