Арадио

Ҭыжәба Гал амандарина аҽаҩразы: ҳгәы шьҭнахыртә иҟоуп, аха аҩежьхара маншәаламхеит

Гал араион ацитрустә ааӡаратә совнхара аиҳабы Генри Ҭыжәба арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ацитрустә шәырқәа рҽаҩра зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Ҭыжәба Гал амандарина аҽаҩразы: ҳгәы шьҭнахыртә иҟоуп, аха аҩежьхара маншәаламхеит

"Амандарин аҽаҩра ҳгәы шьҭнахыртә иҟоуп, ахаҭабзиара цәгьам. Изныкымкәа иаҭахыз ахәышәтәра мҩаԥаҳгеит, акызаҵәык, аҩежьхара маншәаламхеит. Амза 20 рзы аҿыхра ҳалагап ҳәа ҳгәы иҭоуп. Ҵыԥх уажәааны аҿыхра ҳалагахьан. Ашоура аныҟоу амандарин ирлас иҩежьхаӡом, уахынла ахьшәашәара, ҽынла - ианыԥхароу иаҳа ирлас иҩежьхоит. Блала ҳахәаԥшуа 500-600 тонн еиҵамкәа аҽаҩра ҳазыԥшуп, еиҳахар, зынӡа ҳгәы ҟанаҵоит. Иҳамоуп ҿыц еиҭаҳҳаз амандаринагьы, уи икьаҿу ҳәа изышьҭоу, сынтәа раԥхьатәи аҽаҩра ана-ара иҳауит. Ԥшьнызқь шьап рҟынтә хәышә рҟныӡа аҽаҩра ҳнаҭеит, ҳаԥхьаҟа еиҭа еиӷьхап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: