Аҳәааҿы Аԥсныҟа аметадон аазгоз аԥҳәыс дааныркылеит

Аԥсныҟа анаркотикқәа шалалгалоз иақәыркыз аԥҳәыс лганахьала ашьаус хацнаркит Аԥсны атранспорттә прокуратура.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Гагра араион иатәу, Аԥсныҟа анаркотикқәа алазгалоз аԥҳәыс ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Мариа Мумџьиан, 1975 шықәса рзы ииз, дынкылан аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы.

"Аԥҳәыс леидара агәаҭараан иаарԥшын аполиетилентә ҿаҳәарақәа. Ҩба иргәылаҵәахын акристалҟазшьа змаз амаҭәашьар шкәакәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Амаҭәашьар аекспертизаҿы агәаҭараан ишьақәыргылан уи анаркотикатә маҭәашьар – аметадон шакәыз.

Атәылауаҩ Мумџьиан лумҭа шьоуп: рыҭира хықәкыс иҟаҵаны закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа раахәара, рымҩангара, рыҵәахра, Аԥсны аҵакырахь ралагалара ауп ҳәа.

Аԥсны атранспорттә прокуратура ашьаус хацнаркит Мумџьиан лганахьала. Лара даанкыланы дҭакуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: