Аԥсны ахада COVID-19 аҿагыларатә планқәа дрыхцәажәеит

Абҵара 16 азтәи аоперштаб адыррақәа рыла, 5099 коронавирустә хҭыс ҟалахьеит, рыԥсҭазаара иалҵит 62-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны COVID-19 хылаԥшра аҭахоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿы абҵара 17 рзы.

"Мчыбжьқәак раԥхьа ҳуааԥсыра рахь ааԥхьара ҟасҵеит. Усҟантәи аамҭазы ҳара COVID-19 иақәҳхарџьхьан ҩышәи ҩынҩажәижәаба миллион. Ашьҭахь Аԥсны аҩыза Хазрет Совмен 50 миллион мааҭ ҳзааиҭиит", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иажәақәа рыла, абҵара 17 рзы аӡбара рыдкылоуп акоронавирус аҿагыларазы 152 миллион мааҭ еиҭахгьы иазоужьызарц. Ашықәс нҵәаанӡа иаахәахоит ИВЛқәа 10, арентгендиагностикатә шьақәгылақәа хԥа, ахәшәқәа, ахыхьчагақәа, аныхратә материалқәа, зынӡа 65 миллион мааҭ рыхә.

Иара убасгьы иаахәахоит ПЦР-цәаҳәақәа реиқәыршәагақәа 11 миллион мааҭ рыхә. Иазыԥхьагәаҭоуп Гагреи Очамчыреи араионқәа рҿы алабораториақәа раартра, Гәдоуҭатәи COVID-центр ҵәыҵәрила аиқәыршәара.

Акоронавирус аҿагылараҿы агхақәа шыҟазгьы аусура иашаны имҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Абҵара 16 азтәи аоперштаб адыррақәа рыла 5099 коронавирустә хҭыс ҟалахьеит, рыԥсҭазаара иалҵит 62-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 3470-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: