Бжьаниа аоппозициа аганахьала акадртә политика далацәажәеит

Аҟәа имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ Аслан Бжьаниа иҳәеит ашықәс нҵәаанӡа даҽа ҩ-кадр ԥсахрак мҩаԥгахараны ишыҟоу.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далацәажәеит аиҳабыраҿы иҟалараны иҟоу акадртә ԥсахрақәа ртәы.

Аԥсны ахада амаининг аҿиаразы аҭагылазаашьа далацәажәеит

Ахада игәаанагарала, иахәҭаны иҟоуп иааиԥмырҟьаӡакәа ауаажәларратә еиҿкаарақәеи апартиақәеи аус ахьрыцрулаша аҭыԥ.

"Ари хымԥада иаҭаху усуп. Сгәанала хара имгакәагьы усеиԥш иҟоу аҭыԥ еиҿкаахоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Бжьаниа дақәгәыӷуеит аиҿкаарақәеи апартиақәеи афактқәа мацара ирықәныҟәалап, игәаҭам аинформациа рхы иадырхәарым ҳәа. Иара игәаанагарала уи хымԥадазароуп.

"Аус азы хәарҭара змоу ажәалагала уеигәырӷьаны иудукылоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Бжьаниа ЕгрыГЕС аремонт аан урыстәылатәи афымцалашара ахәԥса заҟа ҟало атәы иҳәеит

Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит ахадас даныҟала инаркны дышрыцәхьаҵыз иара идымгылоз ауаа русура рамхра апозициа.

"Игәашәҭазар, аҭыԥ дуқәа рҿы аус зуа жәпаҩык уаанӡатәи ахада ихаан аус зуаз роуп. Ари сазхәыцны иҟасҵаз шьаҿоуп. Ҿыц иасҭаз раасҭа еиҭасҭаз еиҳауп. Агәра згоит ҳтәылауаа уи ахә ҳаракны ишыршьаз", - ҳәа иҳәеит иара.

Ахада иажәақәа рыла, акадртә ԥсахрақәа хымԥада иҟалоит, аха урҭ ауаҩы аус ахьиуаз аштаб иадҳәаламзароуп.

"Раԥхьа иргыланы ауаҩы инапы иану шынеигӡо ауп. Ҩыџьа анапхгаҩцәа ашықәс нҵәаанӡа иԥсахтәхоит", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциа мҩаԥигеит абҵара 17 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: