Арадио

Бжьаниа: аԥсуа бызшәа ахы ыҵнагоит ақыҭаҿы, аҵараиурҭақәа рҿы

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 17 рзы амассатә-информациатә хархәагақәа рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы далацәажәеит абызшәа азҵаара.
Sputnik
Бжьаниа: аԥсуа бызшәа ахы ыҵнагоит ақыҭаҿы, аҵараиурҭақәа рҿы

"Аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы иҟаҵоу ыҟоуп, аха ирацәоуп еиҭа иҟаҵатәу. Азакәан ҳақәныҟәаны аус ҳуртә еиԥш аҭагылазашьа ҳмоуит. Азҵаара хадоуп, аха иахьазы иуадаҩу азҵаара ду ҳаԥхьа ишьҭоуп. Ачымазара ҳазыҟаҵамызт, ицәырҵыз ауадаҩрақәа рацәахеит, ус еиԥш иҟалеит абызшәа азҵаара ҳахәаԥшыртә еиԥш аамҭагьы ҳмоуит. Аҭагылазаашьа хәыҷык иҭәышәынтәалар, ҳәарада, абызшәа азҵаара ҳазхәыцуеит, азҿлымҳарагьы иақәнагоу аҳҭоит. Идыру усуп, ҳмилаҭ рыхдырра, ркультура, рдоуҳа, бызшәада аҿиара аҭагылазаашьа амаӡам. Ҳахәаԥшуеит азакәан, кыр ԥсахтәызар, иазгәаҳҭоит. Ҳалшара хәыҷы инақәыршәаны ацхыраара ахьыҟаҵатәу иҟаҳҵоит. Абызшәа ахы ыҵнагоит ақыҭаҿы, аҵараиурҭақәа рҿы, уа ҳазҿу азҵаарақәа рыла иҳарӷәӷәоит ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Шәазыӡырҩы аудио.