Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ акоронавирус азы: иҳадаҳкылаз ауснагӡатәқәа хәарҭахеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит абҵара 17 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 18– Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы ахәшьара бзиа арҭеит акороновирустә ҭагылазаашьазы иалагалаз аԥкыратә усурақәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

"Аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Уажәгьы имариоу акакәым, аха иҳадаҳкылаз ауснагӡатәқәа аус руит, алҵшәақәа ҳамоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иааубартә еиҵахеит ковид зыдбало рхыԥхьаӡара атестқәа ҟазҵо шырацәахазгьы. Уи агәыӷра ҳнаҭоит", - иҳәеит Шамба.

Шамба иҳәеит Ахеилак аилатәараҿы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа атәылаҿ COVID-19 аҭагылазаашьа иазкны ажәахә ҟаиҵеит ҳәа.

"Акарантин аамҭа ацҵара ма аԥкырақәа рыцҵара аилатәараҿы ҳрыламцәажәеит. Зегьы уаанӡатәи арежим аҿы иныжьуп. Ҳазлацәажәоз иҟаҵоу алҵшәақәа иамоу ртәоуп", - иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ.

Абҵара 17 азтәи аоперштаб адыррақәа рыла Аԥсны коронавирус змоу рхыԥхьаӡара 5174 инеихьеит, 3483-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, рыԥсҭазаара иалҵит 64-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>