COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит 39-ҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5213-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3488-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 65-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. COVID-19 зцәа иалаз 1947 шықәсазы ииз апациент иԥсаҭазаара далҵит абҵара 19 рзы, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ахаҵа ахәышәтәырҭаҿы ахәышәтәра дахысуан абҵара 11 раахыс. Иақәнагаз атерапиа шыизымҩаԥыргозгьы, иҭагылазаашьа бааԥсхеит.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 155-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 39-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 78-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 68-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 22-ҩык, илҩаауп хәҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 28-ҩык апациентцәа, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" иахьаҵанакуа иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 35-ҩык апациентцәа. 30-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>