Арадио

Шамугьиа Тҟәарчал ахәышәтәырҭаҟны иназыцҵоу аргыларақәа рзы: аҽҳәара ҳахьымӡар ауеит

"Тҟәарчалргылара" аиҳабы Рауль Шамугьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аӡымҩангага ацәаҳәақәа рышьҭаҵареи, ахәышәтәырҭаҟны иназыцҵоу аусурақәа рцашьеи ртәы.
Sputnik
Шамугьиа Тҟәарчал ахәышәтәырҭаҟны иназыцҵоу аргыларақәа рзы: аҽҳәара ҳахьымӡар ауеит

"Амаҭәахәқәа зегь рыла ҳаиқәшәоуп, километрак аҟара ҟаҳҵахьеит, даҽа 200 метра раҟара аӡымҩангагақәа ҳагуп, аӡцрыҵқәагьы рыҟаҵара ҳаҿуп. Ари амза анҵәамҭазы ҳалгоит ҳәа сгәы иаанагоит. Гәылиа, Аидгылара, Горки рымҩадуқәа рҟны аусурақәа цоит. Аӡы азы ауадаҩрақәа ыҟоуп, аӡымҩангагақәа ахьажәыз иахҟьаны. Аусурақәа мҩаԥысуеит аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, 7 миллион мааҭ рзоужьуп. Иара убас ахәышәтәырҭаҟны иназыцҵоу аусурақәа ҳрылагеит: амаҭәаӡәӡәарҭа, акрыфарҭа рыргылара ҳаҿуп. Иааиуа амза 20-нӡа урҭ рхыркәшара ҳадуп, аха амшқәа иҳарҭом, ақәа ауеит, ҳахьымӡар ҟалап", - иҳәеит Шамугьиа.

Иара иазгәеиҭеит афымцалашара арцәарақәагьы русура ишаныԥшуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: