Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дочиа Тҟәарчал аӡы аиуразы иҟоу ауадаҩра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукИсидор Дочия
Исидор Дочия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәет араион аҿы аӡы аиуразы иҟоу ауадаҩрақәа мзыс ирымоу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дочиа Тҟәарчал аӡазы иҟоу ауадаҩра иазкны

"Нанҳәамза аахыс аӡызы ауадаҩрақәа ҳауа иалагеит. Аӡеизгарҭаҿы аӡы маҷхеит аарҩара иахҟьаны. Уи адагьы, Тҟәарчал аӡы ахьыҵнахуа аҟынтәи ақалақь ахь иаазго аӡымҩангагақәа ҟаҵан 40-тәи ашықәса рзы. Аамҭа цеит аӡымҩангақәа ажәит, иҟаҵатәхаз рацәахеит. Аӡы ахьацәцо рацәоуп. Аинвестпрограммала 2017 шықәса рзы урҭ рыҟаҵаразы иазоужьын 19 миллион мааҭ аԥара. Уи анаҩс, еиҭа миллионк мааҭ ахҭынҵоуп, аха макьанагьы аусурақәа ҳрыламгацт. Ҳалаган иҳаԥхьаӡеит аӡы ахьыҵыҵуа инаркны ақалақь аҟынӡа иаанӡа шаҟа ацәцо. Уи - 200 куб инаӡоит. Ари зегьы ҟаҵатәны ҳаԥхьа ишьҭоуп. Иара аӡеизгарҭа аҟны имҩаԥгаз аусурақәагьы ирыгу ыҟоуп. Иахьазы ақалақь зегьы аӡы роуеит, аӡгьы ахаҭагьы иацлеит. Ақалақьи, Аӡхыдеи, Аҟәарчаԥани аӡы аиуразы анхацәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа ӡбахоит ашықәс нҵәаанӡа. Ҳазхьымӡо аусурақәа, егьы ашықәс ахь ииагахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Дочиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0