Арадио

Шьониаԥҳа: ҳашкол аҿы даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аимҳәазы алаҵа мап ацәыркит

Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ амедиаҳәшьа Асҭанда Шьониаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит сынтәа агрипп чымазараҟнытә алаҵа мап ацәызкыз аҭаацәа рхыԥхьаӡара шырацәоу.
Sputnik
Шьониаԥҳа: ҳашкол аҿы даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аимҳәазы алаҵа мап ацәыркит

Аԥсныҟа иаашьҭуп ҩ-нызқь доза аимҳәазы алаҵақәа "Ультрикси" "Совигриппи".

"Авакцина анаарганахыс амедиаҳәшьцәа иҳаларҳәеит ашколхәыҷқәа ирзыҟаҳҵарцаз. Акласс анапхгаҩцәа зегьы адырра рыҭан. Иахьазы быжьҩык роуп алаҵа аҟаҵара иақәшаҳаҭу. Ашкол зегь аҿы 750-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵоит, есышықәса 250-ҩык рҟынӡа алаҵа роуан. Арҭ ашықәсқәа зегьы уи знымаалаз, иззеицшахаз ҳәа аӡәгьы далкаамызт. Сынтәа даара ирацәаҩны алаҵа мап ацәыркит. Иақәшаҳаҭхаз ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵахоит ахәыҷтәы поликлиникаҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит амедиаҳәшьа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: