Аԥсны даҽа 65-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 256ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 65-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аԥсҭбарақәа ҩба ҟалеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абҵара 18 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1965 шықәсазы ииз апациент. Лара акоронавирустә инфекциеи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи лыманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Иақәнагаз атерапиа шылзмҩаԥыргозгьы, лыдунеи лыԥсахит лгәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны.

Иԥсҭазаара далҵит 1941 шықәсазы ииз даҽа пациентк. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 9 рзы акоронавирус ицәа иаланы. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит абҵара 17 ауха.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 83-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 74-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 29-ҩык апациентцәа, хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 37-ҩык апациентцәа. 32-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5278-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3608-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 67-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>