Франциа Асенат Ашьха Ҟарабах ахьыԥшымра азхаҵара азҵаара иалацәажәараны иҟоуп

Арезолиуциа апроект нашьҭуп Франциа Асенат ахь абҵара 18 рзы, асенаторцәа ахәаԥшраны иҟоуп абҵара 25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Франциа Асенат ахәаԥшраны иҟоуп арезолиуциа, атәыла амчрақәа асенаторцәа ирыдыргалоит Ашьха Ҟарабах азхаҵара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Абҵара 25 рзы Асенат Франциатәи Ареспублика Ареспублика Арцах азхаҵаразы арезолиуциа иахәаԥшраны иҟоуп. Ахьыԥшымра заҵәык ауп иалзыршо Ашьха Ҟарабах ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара",- иҩит арезолиуциа аԥшьгаҩцәа ируаӡәку асенатор Бриуно Ретаио Twitter аҿы.

Асенат арезолиуциа абжьгаратә ҟазшьа амоуп.

Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит  Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны  Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит раионқәак, атҟәацәа еимырдоит. Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: