Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Ҟарабах аҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНагорный Карабах во время обострения конфликта
Нагорный Карабах во время обострения конфликта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟарабах аибашьра аанкылара арежим иахылаԥшуеит аладатәи аҭакԥхықәратә зонаҿи аҩадатәи аҭакԥхықәратә зонаҿи.

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Ҟарабах аинырратә цәаҳәа зегьы аҿы ахымца аанкылоуп ҳәа аанацҳаит амҽыша Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Ҟарабах аинырратә цәаҳәа зегьы аҿы ахымца аанкылоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иазгәаҭоуп имҩаԥгаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа реимдара мҩаԥысуеит ҳәа.

Отправка миротворцев в Нагорный Карабах - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Лачинтәи акоридор хылаԥшра аҭара иалагеит

Ашьха Ҟарабах аҭынчреиҿкааҩцәа ахылаԥшра мҩаԥыргоит аладатәи апостқәа жәбар рҿи аҩадатәи апостқәа жәба рҿи.

Асабшаҽны 15-тәи хаз игоу амотохысцәа рыбригада  аҭакԥхықәратә зона "Север" аҿы ахылаԥшратә постқәа ргыланы иалгеит.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, амшцәгьа иахьмырԥшкәа Ашьха Ҟарабах жәлар рыр рыҟәшақәа Азербаиџьан анапаҵаҟахь ииасраны иҟоу аҵакырақәа ирылҵуеит.

"Аҭагылазаашьа шымариамгьы, Ашьха Ҟарабах жәлар рыр рыҟәшақәа Агдамтәи, Кельбадџьартәи, Лачинтәи араионқәа ралҵра мҩаԥысуеит, уажәы амшцәгьы иахҟьаны уи маҷк иаанкылоуп, еиҳарак ашьхарақәа рҿы", - аанацҳауеит РИА Новости аҭынчреиҿкааҩцәа рыштаб аҟынтәи иаиуз адыррақәа рыла.

Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы. Аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахымца аанкылахоит абҵара 10 инаркны.

Лачинтәи акоридор иахьаԥнуи Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿи иргылахеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент.

Дара хәышықәса ҿҳәарас ирыҭаны уа иргылоуп, иааиуа егьырҭ есхәышықәсагьы рыҿҳәара иацҵахоит, аганқәа руак ари аиқәшаҳаҭра мап ацәнакаанӡа.

Аиқәшаҳаҭра анагӡара ахылаԥшразы иаартхоит аҭынчреиҿкааратә центр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0