Арадио

Инаԥшьба иҳәеит акриптоԥара ылзго ахархәагақәа аҳәааҿы шаҟа нкыланы ирымоу

Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гәырам Инаԥшьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амаинингтә хархәагақәа ҳтәылахь рҭагаларазы азинеилагара амҽхак заҟароу атәы.
Sputnik
Инаԥшьба иҳәеит акриптоԥара ылзго ахархәагақәа аҳәааҿы шаҟа нкыланы ирымоу

Аԥсны аиҳабыра ирыдыркылахьан акриптовалиута аиура аҭышәныртәалара аганахьала ҩ-қәҵарак. Урҭ инарықәыршәаны жьҭаара 21 инаркны Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа ралагалара ҟалом.

"Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ыҟоуп, жьҭаара 21 инаркны акриптоԥара ылзго амаҭәахәқәа Аԥсны аҳәынҭқаррахь аҭагалара 60 мшы ҿҳәарас иаҭаны иаанкылазарц, аҳәааҿы инкыланы иҳамоуп ахыԥхьаӡара 2 нызқьи 143 цыра, дара ирԥеиԥшхо макьана исызҳәаӡом. 60 мшы рышьҭахь Аԥсны аиҳабыра ирыдыркыло ақәҵара зеиԥшрахо сыздыруам. Амаҭәахәқәа аазгаз наҟ ирызгом, ҳаргьы арахь иҳазҭажьлом", - иҳәеит Инаԥшьба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: