Алаҭаҷаҷа, алгажә: "амхурсҭа аҳкәажә" аҭагалара

Sputnik

Аџьықәреи акультура Аԥсны иаланагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы. Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.

Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит. Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит. Ашыла мгьал агьама акәзар, акы иаламҩашьо иҟоуп. Иара убас ашыла ахархәара арҭоит егьырҭ афатә хкқәа рҟынгьы. Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.  Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.

2020 шықәса жьҭаара анҵәамҭазы Аԥсны иҭаргалахьеит 17,7 нызқь тонна аџьықәреи.

Аҟәа араион аҿы аурақәа рзеиԥш хышәаҵышәа – 110 гектар, Гәылрыԥшь араион – 600 гектар,  Очамчыра араион – 3,5 нызқь гектар,  Тҟәарчал араион– 950 гектар,  Гал араион – 2,5 нызқь гектар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 12
Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит.
2 / 12
Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит.
3 / 12
Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.
4 / 12
Аԥсны абысҭа аџьыкхыш амҭакәа ируеит. Аиҳарак ашыла шкәакәа иалырхуеит (иҟоуп ашыла ҩежь ала ианыруагьы). Аишәаҟны реиҳа ихадоу гәыхәуп.
5 / 12
Аџьықәреи иалху ашыла, ишдыру еиԥш, ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп.
6 / 12
Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.
7 / 12
Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.
8 / 12
Аџьықәреиҿыхра ианаамҭоу аҭаацәа зегьы еицхыраауеит.
9 / 12
Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.
10 / 12
"Амхурсҭа аҳкәажә" ҳәа ззырҳәо аџьықәреи аарыхны ацаҟынӡа анагаразы, шаҟа цьабаа аҭахыузеи? Адгьыл ацәаӷәара, алаҵара, арашәара, аҭагалара уҳәа.
11 / 12
Аџьықәреи Аԥсны аарыхра иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Уаанӡа иаадрыхуаз ашыи, ахәыӡи — аџьықәреи иаԥсахит.
12 / 12
Сынтәа аџьықәреи аҭагаларазы Аԥсны араионқәа арекордқәа шыҟарҵаз азгәарҭоит.