Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны

© Sputnik Абыста
Абыста  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ичысеишәа еихишоит ҩбаны - агәыхәи ацыфеи ҳәа. Агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазку афактқәа жәаба шәыдаагалоит Sputnik анҵамҭаҿы.

Sputnik

Аԥсуа чыс аԥсуа милаҭ рықәра ақәроуп. Аԥсны ихаау, ибарақьаҭу ачыс хкы рацәоуп. Аԥсуа чысеишәаҟны рхы иадырхәоит аалыҵ бзиа, ачысқәа реиҳарак амцаԥшь рылҟьоит. Урҭ традициала амцаҟноуп иахьдырхио.

Аԥсны зегь реиҳа ирылаҵәаны иҟоуп абысҭа. Абысҭа чароума, иара ус аума, еснагь аԥсуа иеишәаҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Аџьықәреи шыла иалху абысҭа аџьыкхыш амҭакәа, амца иахакнаҳау ачуан иҭаруеит.

Ишәыдаагалоит абысҭа иазку еицырдыруа афактқәа рыдагьы, шәзызҿлымҳахаша егьырҭ адыррақәагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа чыс
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чыс

1. Мамрыс, журан-худур, ахьар-худур, мамалыга – абарҭ еиуеиԥшым абызшәақәа рҟынтәи ажәақәа зегьы ҵакыс ирымоу "абысҭоуп". Ари ачыс арумын, амолдавиа, адыга, аԥсуа культурақәа рҟны аҭыԥ ду ааннакылоит.

Абысҭа - Sputnik Аҧсны
Аџьықәреи иалырхуа аԥсуа бысҭа аҭоурых

2. Аԥсны абысҭа аџьыкхыш амҭакәа ируеит. Аиҳарак ашыла шкәакәа иалырхуеит (иҟоуп ашыла ҩежь ала ианыруагьы). Аишәаҟны реиҳа ихадоу гәыхәуп.

3. Асаан ианырҵо абысҭа ԥханаҵы ашәеилаҵа аларҵоит мамзаргьы аџьыкҵәаҵәеи ашьыхәи рыла ирҟәыҷу ашәаӡа аларҵоит. Абысҭа амҳабысҭа иадымҷаблаларц азы иара аамҭа-аамҭала аӡы иҭыршьуеит, идырбааӡоит. Ачуан иҭадырхом, ируз абысҭа зегьы иаразнакала ианырҵоит. Ирымфакәа иаанхаз – ашәи иареи адырган ианҵаны ирџьуеит.

Нарҭыхә – аԥсуаа рҿы ихадароу ауҭраҭых аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ>> 

4. Ажәытәан, ачысмаҭәа аныҟамыз – абысҭа иара иазкыз аишәа иқәырҵон. Иахьагьы зны-зынла (Ацуныҳәа анымҩаԥырго) ари атрадициа иқәныҟәоит.

5. Абысҭа ибзианы ианаалоит ашәеилаҵа, ашәхарҩа мамзаргьы ашәаӡа. Уи адагьы аԥсуа бысҭа иацырфоит асыӡбал зҵоу ижәу ма иӡу акәац. Иара убасгьы ахарҵәысыӡбали арашыхсыӡбали даара ибзианы абысҭа иаццоит. Аԥсуаа рыфатә агәыхәи ацыфеи ҳәа еихшоуп. Агәыхә — афатә хада, ацыфа – афатә хада иадукыларц зылшо зегьы.

6. Аԥсны ируеит ҩ-хкык абысҭа. Очамчыратәи абысҭеи гәдоуҭатәи абысҭеи. Актәи ҩбаҟа сааҭ инарзынаԥшуа аамҭа ақәырӡтәуп, ахрыӷи ашылеи еиларԥсоит аураан. Аҩбатәи – аамҭа рацәа уцәагаӡом. Рхы иадырхәоит иара азы ашылагәӡа амацара, зны-зынлагьы аманка аларԥсоит.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

7. Абысҭа напылоуп ишырфо. Аишәатә приборқәа XVIII ашәышықәсаахыс атәылаҟны ахархәара шрымоугьы, иахьанӡагьы абысҭа напыла ифатәуп ҳәа ишьоуп.

8. Ажәытә, аԥсуаа абысҭа аџьықәреишыла иалыхуамызт. Усҟан ируаз ахәыӡбысҭа акәын. Азеижәтәи ашәышықәсазы арҭ акультурақәа рыҩбагь ахархәара еицрыман. Аха аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы аԥыжәара агеит аџьықәреи акультура.

9. "Аҭацабысҭа" — аҵак ҷыда амоуп. Уи иаанагоит ачарашьҭахь аҭаца лнапала илуаз абысҭа ҳәа. Аԥсны итрадицианы иҟоуп ачара ашьҭахь аҭаца лбысҭа афараҳәа аҭаацәа рыуа-рҭахы, ирзааигәоу рнеира.

10. Аџьықәреи иалху ашыла, ишдыру еиԥш, ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп. Арҳәарах азы ифатәы ласуп ҳәа азырыԥхьаӡоит.

Аԥсуа бысҭа аушьа

2-3 ҿахра злыҵуа абысҭа ауразы: ашыла гәӡа – 2 ҵәыцак; аӡы – 4-5 ҵәыца.

Ашыла рхәуеит. Абжа ампыр ҟамларцаз иаҵшьуа, иҟәандоу аӡы иҭарԥсоит, иансалак – иаанхаз ашыла ахарԥсоит. Ибзианы еилырхны ахҩа ахадыршәуеит. 10-15 минуҭ рҟынӡа абысҭа аҟалара иазыԥшуеит. Абри ашьҭахь ихәаны асаанқәа ирнырҵоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАбысҭаура
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Абысҭаура

Аилаџь (ашәаӡа злоу абысҭа)

2-3 ҿахра злыҵуа аилаџь ауразы: ашыла гәӡа – 2-3  ҵәыца; ашәаӡа – 500 грамм; аӡы – 4-5 ҵәыца; аџьыкхыш – ишугәаԥхо еиԥш.

Аџьыкхыш аҭаны иууз, иҟалахьоу  абысҭа ашәаӡа асақәа ԥҟаны иалоуҵоит. Абысҭеи ашәи еилаланы, еиҵыхәхәа ианыҟалалак амца иақәухуеит. Аилаџь асаанқәа ирынҵаны ишшу ахарҵәы мамзаргьы ацха иадкыланы аишәа иқәдыргылоит.

Гәаԥхачара шәоуааит!

© Sputnik Леон Г әниаАԥсуа чеиџьыка
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка

Ажәабжьқәа зегьы
0