Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иазԥхьагәанаҭеит COVID-19 азы аҭагылазаашьа зеиԥшрахо

Аԥсны акоронавирустә чымазара аплато ахь ицәырҵит, рҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистрраҟны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Иахьатәи аҭагылазаашьала (350-400 ҭҵаарақәа рҟны ачымазара шрыдырбало 40-ҩык-аред.), ас еиԥш аарԥшрақәа ашықәс нҵәаанӡа иҟазаауеит, иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны акоронавирус аплато ахь ицәырҵит

"Ахәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи ирыдҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҵахеит. Уи аҟнытә Атәыла ахада иқәҵарала иалагалаз аԥкрақәа ирыцҵатәуп. Ари азы аӡбамҭа аднакылоит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб, анаҩс атәыла ахада дахәаԥшырц азы идыргалоит", - иҳәеит аминистр.

Аԥсны COVID-19 азы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит, иҳәеит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Аминистр иара убас иазгәеиҭеит, ареспубликаҟны ишымҩаԥырго изаамҭанытәиу аимҳәачымазаразалаҵа, иҳәеит иааиуа амчыбжь азы Аԥсныҟа ишаагахо аҩбатәи апартиа 15-нызқь доза аимҳәазы алаҵа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>