Арадио

Мархолиа ацитрустә шәырқәа аҳәаа ахыгара азҵааразы: хьаас иҳамоуп

Аҟәа араион инхо Антипа Мархолиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ацитрустә шәыр аҳәаа ахыгара азҵаара анхацәа зегьы ргәы ишыҵхо.
Sputnik
Мархолиа ацитрустә шәырқәа аҳәаа ахыгара азҵааразы: хьаас иҳамоуп

"Ешыра аибашьра ашьҭахь еиқәҳархаз ацитрустә нхамҩақәа ԥшьба -хәба ыҟоуп. Сынтәа аҽаҩра ицәгьам ҳәа ахыуҳәаар алшоит. Аҽаҩра аизгара иахьалагаз ыҟоуп, уи аҳаракырақәа рҿы, амра ахьаҿаԥхо. Сара сбаҳчаҿы макьана аҭаара ҳаламгацт. Анхацәа зегьы хьаас иҳамоу акоуп, ацитрустә шәыр аҭиира, аҳәаа ахыгара, абри азҵаара аҳәынҭқарраҿы ирзеиҿкаар, ҳгәы ҳарҭынчуан. Анхаҩы ииҭаху иара ииааӡаз, иҿихыз иҽаҩра изыҭиуа, иџьабаа ахә иоур ауп", - иҳәеит Мархолиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: