Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инаԥшьба: анхаҩы ицитрустә аалыҵ аҳәаа иахигарц азы ашәҟәқәа зегьы реизгара илшаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукГурам Инапшба
Гурам Инапшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гәырам Инаԥшьба арадио Sputnik аефир аҿы атәыла ахада ацитрустә аалыҵқәа рзы инапынҵа ахҳәаа азыҟаиҵеит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аекономикеи ақыҭанхамҩеи рминистррақәа рнапы ианиҵеит ацитрус аалыҵ Аԥсны ахыгараан ахә агырхара шьақәырӷәӷәазарц. Ахада иажәақәа рыла, анхаҩцәа рус ырманшәалатәуп, рџьабаа ахә маҷк иадымхаргьы илырхыртә иҟаҵатәуп.

 

Инаԥшьба: анхаҩы ицитрустә аалыҵ аҳәаа иахигарц азы ашәҟәқәа зегьы реизгара илшаӡом

"Аҽаҩра аҳәаа ахыгаразы иахәҭоу ашәҟәқәа умазароуп. Зегь раԥхьа иргыланы адәныҟатәи ахәаахәҭратә контракт. Уа Урыстәыла иҟоу афирмақәеи ара иҟоуи ирыбжьарҵоит аиқәшаҳаҭра, иуцзароуп атранспорттә шәҟәы, уа иарбазароуп иаазхәо дазусҭоу, изҭиуа дазусҭоу, шаҟа кьыла иҟоу, иахәу уҳәа еиуеиԥшым аинформациа ахьарбоу. Насгьы асертификат атауар аҳәынҭқарратә шәага-загақәа ишрықәшәо атәы зҳәо. Амандарина аҵиаатә хылҵшьҭроуп азы афитосанитартә сертификат амазароуп. Абас еиԥш ашәҟәқәа аҭахуп амандарина аҳәаа ахыгаразы. Дарбанзаалак анхаҩы абарҭ ашәҟәқәа зегьы еизганы аҳәаа иахганы иҭииртә еиԥш алшара имаӡам, уи зылшо афирмақәа роуп. Доусы ишиҭаху, ианиҭаху, шаҟа иҭаху изахго еиԥш иҟаӡам. Арҭ аԥҟарақәа уаанӡагьы иҟан. Иара убас арахьынтә аалыҵ аҳәаа ианахугалак уаҟагьы еиуеиԥшым ашәахтәқәа ыҟоуп. Аԥсни Урыстәылеи ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра рыбжьоуп аҟнытә, иахуго атауар Аԥсны ишырааӡаз, ишаадрыхыз атәы шьақәзырӷәӷәо ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟынтә ашәҟәы уцзар, абаџь ахә удыршәаӡом уахьтәи аган. Ус, иаҳҳәап, амандариназы абаџь ахәԥсаҟынтә хә-процентк артәоит, абарҭ зегьы удыруазароуп, аҳәынҭқарратә ҳәаа уахысырц азы. Ари дарбан нхаҩызаалакгьы адырра илшаӡом, убри азы еиҳарак анаплакқәа, аҳәаа ахыгара иаҳа аԥышәа змоу ауаа роуп иаҿу", - ҳәа еиҭеиҳәеит Инаԥшьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0