"Спутник V" ахәԥса иааиуа амчыбжь азы ишьақәдыргылоит

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра нанҳәамзазы ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".
Sputnik

АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Алаҵа "Спутник V" ахәԥса иааиуа амчыбжь азы ишьақәдыргылоит, иагьрылаҳәахоит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит аинвестициақәа Урыстәылатәи рфонд ахаҭарнак. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Алаҵа "Спутник V" ахәԥса иааиуа амчыбжь азы ирылаҳәахоит", - иҳәеит афонд ахаҭарнак.

Аепидемиолог ахәшьара аиҭеит массала алаҵаҟаҵара акоронавирустә епидемиа ишаныруа

Уаанӡа, урыстәылатәи алаҵа аофициалтә Twitter-аккаунт аҟны адырра ыҟан мраҭашәаратәи алаҵақәа Pfizer/BioNTech,  Moderna рыхәԥса еиҵахоит ҳәа.
Алаҵа  Pfizer – 19,5 доллар, Moderna – 25-37 доллар иаԥсоуп. Алаҵақәа "Спутник V", Pfizer,  Moderna ҩ-дозакны ауаҩы илаҵатәуп.

COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".

Иара ВОЗ асиаҿы иану адунеи аҿы аус здыруыло алаҵақәа жәаба ируакуп, аклиникатә ҭҵаарақәа ахԥатәи рфаза еиҳа иазааигәо иреиуоуп.

Алаҵа аҭҵаарагәаҭарақәа қәҿиарала ирхысит 140 нызқьҩык хатәгәаԥхарала иҟазҵаз рҿы. Урҭ зегьы рҿы коронавирустә инфекциа COVID-19 аиммуннтә ҭаки ацәеижьҿагыларақәеи роуит. Аклиникатә ԥышәарақәа иара убасгьы имҩаԥысуеит Белоруссиа, ОАЕ, Индиа, Бразилиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: