"Агуманитартә хсаала": Урыстәыла ацхыраара шыҟанаҵо шьақәыргылоуп

Иахьазы "Агуманитартә хсаала" аҟны иарбоуп 65 тәыла. Уи ԥхьаҟагьы ихарҭәаахоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 24- Sputnik. ИАР атәылақәа, аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицура русқәа рзы Афедералтә маҵзура (Россотрудничество) иӡырнагеит ацифратә интерактивтә портал "Агуманитартә хсаала". Иара иарбоуп иарбан тәылақәоу Урыстәыла зыцхырааз.

Россотрудничество анапхгаҩы Евгени Примаков иазгәеиҭеит аҳәаанырцә зегьы ишырзымдыруа Урыстәыла егьырҭ атәылақәа ирнаҭо ацхыраара атәы.

"Абри ахырхарҭада аҳәаанырцә иҟаҳҵо азы аобиективтә дырра ыҟам",- Примаков иажәақәа аанагоит Россотрудничество асаит.

Апроект ашьаҭаркыҩцәа иреиуоу Михаил Петросиан иазгәеиҭеит арҭ рҩызцәа аресурсқәа шрымоу аҳәаанырцә-тәылақәа, адонарцәа– ЕАА, Франциа уҳәа реиԥш иҟоу.

"Ҳара ҳ-миссиа– иҟаҳҵо шыҟаҳҵо адунеи ардырроуп. Иаадыруеит  ҳтәыла аҳәаанырцәтәи аудиториа дырдырразы  адәныҟатә факторқәеи ауадаҩрақәеи ыҟоуп аха ари аҩыза ахсаала уи аҭагылазаашьа еиҭанакып ҳәа ҳгәыӷуеит",- иҳәеит Петросиан.

Убас, ахсаалаҿы иарбоуп аԥснытәи аган аҳәара аҭакс Урыстәыла авирус алобараториатә диагностика амҩаԥгаразы ишаанашьҭуаз атест-системақәа.

Урыстәыла Аԥсныҟа идәықәнаҵеит COVID-19 злоу апациентцәа рзы амобилтә госпиталь

Ацхыраара ауеит  Ставропольтәи аҭҵаарадырратә ҿкчымазараҿагыларатә институт ареференс-центр. Иара абазалоуп аԥсуа ҟазауаа атест-системақәа аус рыдулашьа шырҵаз.

Мшаԥы  18 инаркны лаҵара 18-нӡа Аԥсны аобиектқәа рырзҩыдара мҩаԥнагон Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара амедицинатә отриад.

Урыстәыла иара убасгьы Аԥсны ианаҭеит хәыдаԥсада 400 тест-система акоронавирус ашьақәыргыларазы.

Жьҭаара 19 раахыс Аҟәа аус ауеит хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь ковид-пациентцәа рыхәышәтәразы.

Иахьазы "Агуманитартә хсаала" аҟны иарбоуп 65 тәыла. Уи ԥхьаҟагьы ихарҭәаахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: