Ашықәс ҿыц азы Аҟәа арԥшӡаразы аиндаҭлара рылаҳәоуп

Аиндаҭлара мҩаԥысуеит абҵара 23 инаркны ԥхынҷкәын 15 рҟынӡа. Иара иеиҿкааҩцәоуп Аҟәа ахадара аекономикатә ҿиара Адепартаменти ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи аӡыргареи рыҟәшеи.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Ашықәс ҿыц азы Аҟәа арԥшӡаразы аиндаҭлара рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Ақалақь ахада Беслан Ешба абри азы аусдҵа инапы аҵеиҩит. Аусдҵа анагӡара ахылаԥшра аиҭалоит ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Аиндаҭлара мҩаԥысуеит ахатә наплакыҩцәеи иара убасгьы ахатәтәра аформақәа зегьы ирыҵаркуа аиҿкаарақәеи анаплакқәеи иртәу аобиектқәа рыбжьара.

Аиндаҭлара аихшьаалара мҩаԥгахоит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 21 рзы.

Аиндаҭлара аиҿкаашьеи амҩаԥгашьеи, азыҳәа анашьҭышьеи ртәы ақалақь ахадара асаит аҿы.